АЖӘАБЖЬҚӘА

Aҩаша, 19 Абҵара 2024 22:24

Ҳарзыхынҳәып иацтәи ахҭысқәа рымҩаҧысшьа

Аҧсны анапхгареи аоппозициатә мчрақәеи рхаҭарнакцәа апарламент рыбжьаҟазарала реицәажәара асааҭ жәаа рзы иалагеит. Иагьхыркәшахеит, ҵхагәаны асааҭ хҧа рзы. Аа-сааҭк ицоз аицәажәарақәа ирлыҵшәаны аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит уи иалахәыз. Аслан Бжьаниа , Аҧсны Ахада инапынаҵқәа рааныжьразы арзаҳал инапы аҵеиҩуеит. Иара убас , инапынҵақәа рааныжьразы арзаҳал инапы аҵеиҩуеит Аҧыза- министр Александр Анқәаб. Аҧсны ахада инапынаҵқәа наигӡалоит Бадра Гәынба, аиҳабыра рхадас-Валери Бганба. Егьырҭ амчратә структурақәеи, аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рнапхгаҩцәа рмаҵзурақәа шынарыгӡалац инарыгӡалоит.

 

Media

Архив новостей

« Мшаҧы 2026 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30