АЖӘАБЖЬҚӘА

Aхаша, 30 Жьҭаара 2024 21:34

Аҧсны аиҳабыра ҩнызқьи ҩажәи хәба шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет шьақәдырҕәҕәеит

Ҩнызқьи ҩажәи ҧшьба шықәса аасҭа сынтәа аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ахашәала аа-миллиардк инарыцны еиҳауп. Ҳазҭало ашықәс азы аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ахашәалахәы иааизакны жәибжь миллиард мааҭ инарыцны ҟалоит ҳәа иҳәаақәҵоуп. Урҭ рҟынтә жәаҩа миллиард –ахатәы хашәалахәуп, иҳәеит аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ , афинансқәа рминистр Владимир Делба аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы иқәгылараан . Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла афинанстә цхыраара ҩнызқьи ҩажәи ҧшьба шықәсазы иҟаз аҩаӡараҿы иаанхоит –хә-миллиард мааҭ инарыцны . Владимир Делба, иара убас иазгәеиҭеит, ҧшьы-шықәса раҧхьа абиуџьеҭ ахатәы хашәалахәы ҧшь-миллиардки аашә- миллион мааҭи шыҟаз , сынтәа жәаҩа миллиард иреиҳахеит. Уи аизҳара зыбзоурахаз, анаҩс иарбан зҵаарақәоу иҵегь излацәажәаны ишьақәдырҕәҕәаз шәзеиҭалҳәоит Амра Зарандиаҧҳа .

 

Media

Архив новостей

« Цәыббра 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30