АЖӘАБЖЬҚӘА

Aшәахьа, 17 Рашәара 2024 20:36

Дмитри Вольвач даҭааит Аҟәа ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аргылара ахьазгәаҭоу аҭыҧ

Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыҧуаҩ Дмитри Вольвач даҭааит Аҟәа ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аргылара ахьазгәаҭоу аҭыҧ. Иара ицын аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба, ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Ерик Ҳаҭхәа. Аихагылақәа хҧа змоу ахәышәтәырҭаҿы иҟалоит хынҩажәи хә-ҩык ахәыҷқәа рҭыҧ. Ахәышәтәырҭа аргылара иазоужьуп фышәи ҩынҩажәи жәаба миллион мааҭ.

 

Media

Архив новостей

« Ԥхынкәын 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30 31