АЖӘАБЖЬҚӘА

Aхәаша, 10 Лаҵара 2024 05:02

Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара аҳаҭыр азы Аҟәа имҩаҧысит акциа «Ҧсра зқәым архәҭа»

Уи еиҿыркааит Россотрудничествеи, Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аҧша аҳәынҭқарратә музеии. «Ҧсра зқәым аполк» - ари ажәа хьанҭоуп, аибашьра ду афырхацәа рлахьынҵа иадҳәалоуп. Аиааира аагара зыбзоурахаз уахи-ҽни афронт аҿы иҭахоз, афашистцәа иҭҟәаны иргоз, урҭ рахьынтә иахьа уажәраанӡагьы зхабар ыҟам аибашьцәа ргәалашәара анаунагӡатәразы, урҭ рыуацәа рфотосахьақәа рыманы акциа рҽаладырхәит. Ахақәиҭра ашҭа аҟынтә Идырым асолдаҭ ибаҟа аҟынӡа инаӡеит. Ажәабжь иацылҵоит Шьазина Ханагәуаҧҳа

 

Media

Архив новостей

« Цәыббра 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30