АЖӘАБЖЬҚӘА

Aхаша, 20 Цәыббра 2023 20:54

Шыцқәара ииз, аибашьраан иҭахаз рҭоурыхқәа Асида Малиаҧҳа ланҵамҭаҿы

Иааскьоит Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьраан аиааира агара ҩажәиба шықәса ахыҵра амш ныҳәа. Инаскьоит ишьаарҵәыраз, лаҕырӡыла икәабоу урҭ аибашьра мшқәа. Аҧсны ахақәиҭтәраз ҳажәлар еидгылеит - зыхдырра ҳаракыз ҳҵеицәа рхы еигӡомызт. – лабҿабашәа акәын ишырбоз ахақәиҭра аагара , уи ада аҧсуа изы ҧсҭазаара шыҟамло. Аҳәынҭқарратә телехәаҧшраҿы арҭ ҩажәижәаба шықәса ирылагӡыны хыҧхьаӡара рацәала еиқәыршәан аветеранцәеи, урҭ ирывыршьаази ирызку адырраҭарақәа, аиҿцәажәарақәа рацәаӡаны, урҭ рҭоурых аиҭаҳәареи, иаадырҧшыз афырхаҵара аҿар рызнагареи хықәкыс ишьҭыхны. Убас, сынтәа, ҳкорреспондент Асида Малыиаҧҳа иазлырхиеит лқыҭа гәакьа Шыцқәара ииз, аибашьраан иҭахаз ирызку аочеркқәа. Жә-ҩык иҭахази, хабарда ибжьаӡыз ҩыџьеи рҭоурыхқәа шәҳарбоит иааиуа амшқәа рзы

Media

Архив новостей

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31