Аиааира ҳзаазгаз , аха аиааира амш ныҳәа азгәаҭара иахьымӡаз ветерануп Асҭамыр Габрушьа-иҧа Кәыҵниа . Аибашьҩы иҧсҭазаара далҵит ҩынҩажәи жәаҩа шықәса дшырҭагылаз. Иҳәатәуп , мызкы аҧхьа иҧсҭазаара дшалҵхьаз иашьа гәакьа Гиви .Рҩыџьагьы аиааира аагара рџьабаа адын. Наунагӡа абзиараз ҳәа иарҳәеит Асҭамыр Кәыҵниа .