АЖӘАБЖЬҚӘА

Aҩаша, 19 Цәыббра 2023 06:00

Аҧсны имҩаҧысит есышықәсатәи аҧсуа –адыга литературатә фестиваль «Арифмақәа Риҵа»

Уи алахәылацәас иҟан Ҟабарда-Балкариеи, Ҟарачы-Черкески, Адыгатәылеи, Аҧсныи рҟынтәи ажурналистцәа, апоетцәа, алитераторцәа. Алитературатә фестиваль мҩаҧган Аҧсны акультура ацхыраарала. Аҧсны афырхаҵа, аинрал-леитенант иҧшәма ҧҳәыс Лиубов Сосналиевеи, Ҟабарда-Балкариатәи ауаажәларратә усзуҩ, ашәҟәыҩҩы, ажурналист, Зарина Кануковеи иҟарҵаз аҧшьгарала. Афестиваль аҽашеит ҩ-хәҭакны. Актәи амш азы аартра мҩаҧган аҧсуа драматә театр афоие аҿы, аҩбатәи амш аан апроект алахәылацәа халеит аӡиа Риҵа ашҟа, аҭыҧан ирыҧхьеит ажәеинраалақәа. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 

Media

Архив новостей

« Рашәара 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30