АЖӘАБЖЬҚӘА

Aхәаша, 01 Цәыббра 2023 05:22

Аслан Бжьаниа дырҭаан ибеит еиҭашьақәыргылоу Аҭаратәи Аракьыҽытәи абжьаратә школқәа

«Ус баша аиҭашьақәыргылара акәымкәа , аҭӡыҵәҟьақәа аинформациа урҭоит . Избаз сгәы иахәеит», ҳәа ахҳәаа ҟаиҵеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Аҭареи Аракьаҽи ашколқәа дырҭааны иахьибаз . Арҭ амшқәа рзы араҟа акапиталтә ремонт рзуны иалгеит. Ари аус аҿы ацхыраара ҟарҵеит жәлар реизара адепутат Резо Занҭариа, аерманцәа рхеилак аиҳабы Алик Миносиан, араион анапхгара , ақыҭа ауааҧсыра. Атәыла ахада Аҭаратәи ашкол аиҳабы Светлана Быҭәба акомпиутертә техника аахәаразы асертификат лнапаҿы илиҭеит. Аҳамҭа ҟаиҵеит Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа - акомпиутери, апринтери, ашәҟәқәеи ашкол иаиҭеит. Аҭаратәи ашкол анаҩсан Атәыла ахада Аслан Бжьаниа даҭааит хәажәкыразы амца иалаблыз Аракьаҽытәи ашкол . Абжьаратә ҵараиурҭақәа аҵарашықәс ҿыц ишазхиоу атәы еиҭеиҳәоит Алиас Қорсаиа.

Media

Архив новостей

« Нанҳәа 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30 31