АЖӘАБЖЬҚӘА

Aхаша, 16 Нанҳәа 2023 05:29

Аҧсны иазгәарҭеит хатәгәаҧхарала еибашьуаз рымш 31 шықәса ахыҵра

Нанҳәамза 15 рзы, есышықәса иазгәарҭоит Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра анцоз хатәгәаҧхарала еибашьуаз рымш. Ҩажәи жәеиза шықәса раҧхьа, уи аҽны, Нхыҵ-Кавказынтәи Гәдоуҭҟа иааит аполковник Сулҭан Сосналиев напхгара ззиуаз агәыҧ. Ашәахьаҽны , Ақалақь Фырхаҵа Гәдоуҭа иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭаҵаны ихырхәеит Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза- министр актәи ихаҭыҧуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, атәыла Ахада иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Гәдоуҭа араион анапхгара, аиҳабыра реилазаара алахәылацәа, аибашьра аветеранцәа, Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа рҟнытә хатәгәаҧхарала иҳацхраауаз, иҭахаз аибашьцәа ранацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Media

Архив новостей

« Ажьырныҳәа 2026 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
      1 2 3 4
5 6 7 8 9 10 11
12 13 14 15 16 17 18
19 20 21 22 23 24 25
26 27 28 29 30 31