АЖӘАБЖЬҚӘА

Aхәаша, 21 Ԥхынгәы 2023 22:08

Гагра араион ауааҧсыра рымчқәа еилаҵаны арыцқьарақәа ирыцырҵоит

Гагра араион аҿы аҭыҧ змаз аҧсабаратә рыцҳара иахҟьаны аӡы зҵалаз, ибгаз амҩадуқәеи ахыбрақәеи реиҭашьақәыргылара иаразнак нап шаркызгьы, макьанагьы иҟаҵатәу маҷӡам. Амш цәгьа ахҟьа-ҧҟьақәа иаарласны раҧыхразы иаҧҵан ареспубликатә комиссиа. Уажәы араион ахадареи, ауааҧсыреи, атәыла анапхгареи, зегьы рымчқәа еилаҵаны аусурақәа ирыцырҵоит. Ааха зауз ауааҧсыра рхала рымч ахьынӡақәхо рыҩны-ргәара дрыцқьоит. Ҭыҧқәак рҿы атехника ҷыда аус ауеит. Аӡы зҵалаз аҭаацәарақәа Гагра араион ахадара ашҟа арзаҳалқәа рҩит ацхыраара рырҭарц азы. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

Media

Архив новостей

« Мшаҧы 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30