АЖӘАБЖЬҚӘА

Aхаша, 12 Ԥхынгәы 2023 22:38

Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаатит асахьаҭыхҩы Виссарион Ҵәыџьба иусумҭақәа рцәыргақәҵа

«Ашьхацамҩа,» - абас ахьӡуп Аҟәа, Ацәыргақәҵатә зал хада аҿы иаатыз Аҧсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла, аҧсуа асахьаҭыхҩы Виссарион Ҵәыџьба иусумҭақәа хаҭалатәи рцәыргақәҵа. Асахьаҭыхҩы сынтәа ҧшьынҩажәа шықәса ихыҵит. Уи аҳаҭыр азы иҟазара абзиабаҩцәа рзы ицәырган ханҩажәи жәаба инареиҳаны аҿыханҵеи, аграфикеи рыла еиуеиҧшым аамҭақәа рзы иаҧҵаз асахьақәа. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспонденцәа.

Media

Архив новостей

« Ажьырныҳәа 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31