АЖӘАБЖЬҚӘА

Aшәахьа, 22 Лаҵара 2023 20:48

Аҭоурыхтә ӡыблара иақәыршәаз ргәалашәара амш ҳтәылаҿы еснагь иазгәарҭоит

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара амш Аҧсны есышықәса иазгәарҭоит. Азеижәтәи ашәышықәсазы зықьҩыла аҧсуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ааныжьны ицар акәхеит Ҭырқәтәылеи ааигәатәи мрагылара атәылақәеи рахь. Аҧсуа мҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәа адунеи ҩынҩажәа ҳәынҭқарра рҟны инхоит. Зегь реиҳа аҧсуа диаспора рхыҧхьаӡара рацәоуп Ҭырқәтәылан. Аҭоурыхтә ӡыблара иақәыршәаз ргәалашәара амш ҳтәылаҿы еснагь иазгәарҭоит. Убас, сынтәагьы еиҿкаан еиуеиҧшымыз аусмҩаҧгатәқәа. Ахәылбыҽха , ҩажәа сааҭ рзы Аҟәа амҳаџьырқәа рыхьӡ ала игылоу абаҟа амҵан ишьҭаҵан ашәҭшьыҵәрақәа. Уи иалахәын Атәыла ахада Аслан Бжьаниа, уи хаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, ахада иусбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба, адепутатцәа , аиҳабыра рхаҭарнакцәа, ауаажәларра, ҳџьынџьуаа, ашколхәыҷқәа, астудентцәа.

Media

Архив новостей

« Ԥхынкәын 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30 31