
Абхазская Государственная Телерадиокомпания
Адрес электронной почты редакции: info@agtrk.tv
Реклама на сайте: тел.: +7 (840) 226-11-44 е-mail: news@agtrk.tvЖәлар Реизара адепутатцәа рыбжьаҭарала аконтролтә палата ахантәаҩыс далхуп Каха Пертаиа, Ауаҩ изинқәа рыхьчара аҭакҧхықәра лыдҵоуп Анас Кьышьмариаҧҳа . Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар реизара асессиа аилатәара. Амшхәаҧштә аҿы иқәгылан ҩажәиак зҵаара инареиҳаны. Адепутатцәа аӡыргаразы азакәан аҧсахрақәа аларгалеит , азакәан аилагаразы ахараҧса иацырҵеит. Аҧсахрақәа аларгалеит иназыцҵоу ашәахтә ахәҧсазы азакәан. Уи инақәыршәаны, амедицинатәи анефт аалыҵқәеи рыхәҭак иахыршәаауа ашәахтә аҿҳәара иахырҧаны иршәалар азин ыҟоуп . Уахь иаҵанакуа аалыҵқәа рсиа аминистрцәа реилазаара ишьақәнарҕәҕәоит. Асессиа аилатәараҿы егьырҭ азакәанқәа рпроектқәа ирылацәажәеит. Аилатәара аҟынтәи анҵамҭа азлырхиеит Асида Малыиаҧҳа .