АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aхаша, 08 Лаҵара 2024

Aхаша, 08 Лаҵара 2024 22:53

Амшеикәшара 08.05.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, араионқәа рмашьына-технологиатә станциақәа ирыгу-ирыбзоу амыругақәа рыла реиқәыршәара аус хацыркуп. Шәахәаҧш анаҩстәи ҳанҵамҭа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант Владимир Аршба иҧсы ҭаны ари адунеи аҿы дҳалагылазҭгьы хынҩажәи хәба шықәса ихыҵуан. Атәылахьчара аминистрра анапхгареи, аруааи Аҧсны актәи атәылахьчара аминистр игәалашәара аҿаҧхьа ихырхәеит, иҳаҭгәын аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит. Анаҩс ,Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҳәынқарратә аибашьра фырхаҵаратә Ахьӡ-Аҧша амузеи аҟны аинрал игәаларшәара иазкыз ахәылҧыз еиҿкаан. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхаша, 08 Лаҵара 2024 22:30

Амшеикәшара 07.05.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Иара «ДЦП» ҳәа изышьҭо ачымазара имоуп. Уи аҽамырҕәҕәарц, имаха-ишьаха аус ауразы агәыҳаларатә фонд «Ашана» аҧара аизгара рыланаҳәеит. Анри ареабилитациа иахыжьразы иаҭахуп 400 нызқь мааҭ инарыцны аҧара. Иҭаацәа уи аҩыза алшра рымам.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалиааз, ҵакыла иҵаулоу ашәақәа – аҭоурыхтә шәақәа ирхыҧхьаӡалоуп. Дара аибашьра аҧхьатәи амшқәа инадыркны аруаа ирыцын. Арҭ ашәақәа рыҧсы ҭоуп иахьагьы. Нестор Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи ажәабатәи ашьхарыуаа рышкол анапхгара ирыӡбеит аибашьра ашәақәа рынагӡаразы аицлабратә фестиваль амҩаҧгара. Иарбан классқәоу аицлабра иалахәыз, насгьы иарбан шәақәоу инарыгӡаз ҳзеиҭалҳәоит Наала Чхьынџьериаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ари аныҳәа аҽны Аҟәа Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаҧхьа имҩаҧгахоит ар рпарад. Аҩашаҽны ихыркәшан уи азы аҽазыҟаҵарақәа. Ажәабжь иациҵоит Даур Инаҧшьба.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31