АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aхәаша, 10 Лаҵара 2024

Аспорттә еицлабрақәа, аибашьратә шәақәа уҳәа аныҳәа ахьазгәауҭаша аҭыҧқәа рацәан. Ауаа ргәалаҟазаара зеиҧшраз атәы ҳкорреспондентцәа ранҵамҭаҿы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

«Иҭабуп Аиааиразы» ҳәа лаҵарамза жәба рзы Аҟәеи Гәылрыҧшьи рыбжьара еиҿкаан маланыҟәала аныҟәара, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан иҭахаз ргәалашәара иазкны. Аусмҩаҧгатә еиҿкаан В.Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аҧша амузеи, Россотрудничествеи, Аҟәа ақалақьи, Гәылрыҧшь араиони рхадарақәеи, аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭеи, триатлон афедерациеи, аспорт клуб Аҧсни рыбзоурала. Ажәабжь иацылҵоит Улиана Рожкова.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Уи еиҿыркааит Россотрудничествеи, Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аҧша аҳәынҭқарратә музеии. «Ҧсра зқәым аполк» - ари ажәа хьанҭоуп, аибашьра ду афырхацәа рлахьынҵа иадҳәалоуп. Аиааира аагара зыбзоурахаз уахи-ҽни афронт аҿы иҭахоз, афашистцәа иҭҟәаны иргоз, урҭ рахьынтә иахьа уажәраанӡагьы зхабар ыҟам аибашьцәа ргәалашәара анаунагӡатәразы, урҭ рыуацәа рфотосахьақәа рыманы акциа рҽаладырхәит. Ахақәиҭра ашҭа аҟынтә Идырым асолдаҭ ибаҟа аҟынӡа инаӡеит. Ажәабжь иацылҵоит Шьазина Ханагәуаҧҳа

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Традициала ишаҧу еиҧш, Аиааира Ду хынҩажәи зеижә шықәса ахыҵра амш аҽны Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаҧхьа имҩаҧган Ар рпарад. Уи амҩаҧысшьа Даур Инаҧшьба ианҵамҭаҿ.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҟәа, Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, аҧыза-министр Александр Анқәаб, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аҧсны Иҟоу Аахыҵ–Уаҧстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Аҧснытәи ахаҭарнак Гарри Кәпалба, Аҟәа ақалақь Ахада Беслан Ешба, адепутатцәа, аруаа, ашколхәыҷқәа. Ажәабжь иацылҵоит Амра Зарандиаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31