Арҧыс гәыраз, агәымшәа, зхы-зҿы есқьынгьы илашоз, Гәдоуҭатәи амилициаҿы аус зуаз асержант Џьон Агрба дҭахеижьҭеи ҩажәи жәеиза шықәса ҵит. Гал араион аҿы аҳәаа ахьчаразы адҵа наигӡон. Аха аиҿахысраан иқәшәаз ахы иҧсҭазаара ҿахнаҵәеит . Џьон Агрба иҭахашьа здыруа ирҳәоит, ҩажәи хәба шықәса зхыҵуаз арҧыс афырхаҵареи агәымшәареи шааирҧшыз. Афырхаҵа иҭоурых Асида Малыиаҧҳа ланҵамҭаҿы.