Ҟазарыла аимадара – аҟазара аҩны «Аинари» Липецктәи асахьаҭыхратә школи русеицура жәа-шықәса ахыҵит. Есышықәса ааҧын алагамҭазы Аинар имҩаҧнагоит ацәыргақәҵа. Зсахьақәа цәыргаз – фба инаркны жәибжь шықәсанӡа зхыҵуа аҟазацәа роуп. Урҭ русумҭақәа ирыхәаҧшырц имҩахыҵит хыҧхьаӡара рацәала ауааҧсыра. Аиубилеитә рыцәхә , ацәыргақәҵа ихы алаирхәит Аҧсны Акультура аминистр Даур Ақаҩба. Ҵакыс иамои ас еиҧшш иҟоу акультуратә еимадара - шәахәаҧш анҵамҭаҿы.