Раҧхьа ашколтә , нас ақалақьтә олимпиада иҳаҩсыз амчыбжь азы ихыркәшан. Хәажәкырамза ҩажәи быжьба рзы ихацыркхеит ареспубликатә маҭәартә олимпиада. Уи рхы аладырхәуеит Аҧсны араионқәа зегь рҟынтә ашколхәыҷқәа. Аолимпиада мҩаҧысуеит жәаха маҭәар рыла.