Ҿыц еиҭашьақәыргылоу, ҳаамҭазтәи техникала еиқәыршәоу Гәдоуҭатәи араионтә телехәаҧшра ахаҿра аҧсахит. Ҩаҧхьа астудиа ҿыц аҟынтә аефирахь иҭыҵлоит ажәабжьқәа, уаанӡа аусуразы зҭагылазаашьа маншәаламыз ҳколлегацәа иахьа уаарықәгәырӷьартә иҟоуп. Аҳәынҭқарреи,амеценатцәеи , адепутатцәеи рыцхыраарала араҟа шьаҭанкылатәи аусурақәа мҩаҧган. Аиҭашьақәыргылара ашьҭахь, араионтә телехәаҧшра аартра иазкыз аусмҩаҧгатә ихы алаирхәит Аҧсны Ахада Бадра Гәынба.