Аҧсны раҧхьатәи адомино афедерациа аиҳабы Артур Габуниа игәалашәара аҳаҭыр азы, Афон Ҿыц ақалақь аҟны хымш рыҩныҵҟала имҩаҧган адомино азы жәларбжьаратәи атурнир. Аусмҩаҧгатә иаҭааит хә-ҳәынҭқаррак рхаҭарнакцәа. Иааидкыланы аицлабра иалахәын ҧшьынҩажәаҩык инарзынаҧшуа аспортсменцәа. Уи шымҩаҧысыз Адица Саӷариаҧҳа ланҵамҭаҿы.