Дырмит Гәлиа имемориалтә ҩны музеи аҟны имҩаҧысит апоет,аиҭагаҩ,аҭоурыхҭҵааҩ, Урыстәылеи Аҧсни ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла Денис Кьыршьал-иҧа Чачхалиа ирҿиаратә хәылҧазы. Уахь ааҧхьара рыман апоет ицәаҳәақәа ирызхьаҧшуа иколлегацәа, иҩызцәа.Арҿиаратә хәылҧазы еиҿкаан апоет ари ашықәсазы 75 ш. ихыҵра инадҳәаланы.