Атәыла Ахада Бадра Гәынба Иусҧҟа инақәыршәаны, ҳазҭоу ашықәс аҧыза ду ишықәсны ирылаҳәоуп. Ашықәс иалагӡаны ареспублика аҩныҵҟа еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа еиҿыркаауеит. Акультура аминистрра аусзуҩцәа раионцыҧхьаӡа иаҭааны , Аҧсны раҧхьатәи Ахада изку афильм ддырбоит. Ас еиҧш иҟоу аусмҩаҧгатәқәа ҳҭоурых афырхацәа рыхьӡ анаунагӡатәра иазырхоуп.