Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы сынтәа рҵара хдыркәшоит раҧхьаҟа аҟазара зыҧсҭазаара адызҳәаларц зҭаху ҩажәи хә-ҩык аушьҭымҭацәа. Акомиссиа алахәылацәа рҿаҧхьа ирыхьчеит аграфика адизаини, аскульптуреи, аҿыханҵеи ажанрқәа рыла русумҭақәа. Аҧышәаратә комиссиа иалахәын аҵараиурҭа арҵаҩцәа реиҧш, Аҧсны акультура аминистрра ахаҭарнакцәагьы. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.