Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра 
Абхазская Государственная Телерадиокомпания

Abhazya Devlet Televizyon ve Radyo Kurumu 
Executive Board of Abkhazian State Television and Radio Broadcasting Company.

Aсабша, 14 Рашәара 2025 05:57

Лашькьындар иалҵыз Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны иҭахаз рыхьӡала абаҟа аадыртит

Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин игрантқәа рфонд абзоурала ареспублика ахыи- аҵыхәеи еиҭашьақәыргылан Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны иҭахаз аибашьцәа рбаҟақәа . Урҭ рхыҧхьаӡара ҧшьынҩажәа еиҳауп . Зқьи жәшәи ҩынҩажәи акы- ҩынҩажәи хәба шықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра ду Очамчыра араион Лашькьындар ақыҭа аҟынтәи иалахәын хынҩажәи ҩыџьа-ҩык Асовет Еидгыла аибашьцәа. Урҭ ргәаларшәара иазку абаҟа аартра аҟнытәи ишәыдаагалоит анаҩстәи анҵамҭа.

 

Media

Иҵегь ари акатегориаҟны « Амшеикәшара 12.06.2025 Амшеикәшара 13.06.2025 »