Аҧсны Ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭа араион ахь иусуратә ныҟәара аан Лыхны ақыҭа даҭааит. Иблала ибеит акультуратә хан. Уи аҭагылазаашьа азгәаҭаны, изыхәҭаз аусбарҭақәа адҵа риҭеит ахыбра аҩныҵҟа аиҭашьақәыргыларатә усмҩаҧгатәқәа реиҿкааразы. Ажәабжь иациҵоит Енвер Арџьениа.