Ҩышықәса зхыҵуа инадыркны ахәыҷқәа рыдыркылоит . Ари раҧхьатәи хәыҷбаҳчоуп ас еиҧш ахәыҷӡақәа ахьрыдыркыло . Ҩ-еихагылак змоу ахыбра шьаҭанкыла еиҭашьақәыргылоуп, иахәҭоу амыругақәа рыла еиқәыршәоуп. Уи алыршахеит аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы афонд иаунажьыз афинанстә цхыраара иабзоураны. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.