Агәыкра зцу аныҳәа. Аҟәа иазгәаҭан «Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш». Даҽа аамҭанык еиҧшымкәа зехьынџьара ахәыҷқәа рыбжьы ықәыҩуан. Ахәмаррақәа хкы-хкыла. Зегьы ргәы иақәшәоз алырхыртә алшара рыман. Ахаара зҵаз аныҳәа ҧшӡа аҿынтә ҳкорреспондентцәа ранҵамҭа.