Иҟаҵоуп раҧхьатәи ашьаҿа. Иахьа Аҟәа, Аҧсни Урыстәылеи рырҿиаратә коллективқәа еиҧылеит. «Ҩ-тәылак рырҿиаратә коллективқәа рымчқәа еидаҳҵоит аиҩызаратәи аусеицуратәи еизыҟазаашьақәа ҧхьаҟа рырҕәҕәаразы», - абри аҩыза аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҧсуа театр аҿы имҩаҧысыз аиҧылараҿы Урыстәыла акультура аминистр ихаҭыҧуаҩ Сергеи Паршин. Иарбан хырхарҭақәоу аусеицура иаҵанакуа ҳзеиҭалҳәоит ҳкорреспондент Фатима Гьергьиаҧҳа.