Абри ахыҧхьаӡара аҟынтәи ажәабатәи Ашьхаруаа рышкол аушьҭымҭацәа х-ҩык хьтәы медалла иалгеит. Анна Аҩӡыҧҳа, Наала Бжьаниаҧҳа, Алиса Быҭәҧҳа. Рыхҩыкгьы Аҟәа ақалақь ахадара ахьӡала 50–50 нызқь мааҭ аҧара ранашьоуп. Баграт Шьынқәба ихьӡ зху актәи абжьаратә школ аҿы акәзар, 59-ҩык алгеит. Аушьҭымҭацәа зегьы азанааҭқәа алырххьеит. Урҭ рыбжьара иҟоуп Иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ирҭалахьогьы. Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы ргәы хыҭ-хыҭуа иазыҧшын зегьы. Аҿар ргәырҕьара рыцеиҩылшаразы ашкол даҭааит Аҧсны аҵара аминистр Хана Гәынҧҳа.