Актиор иааирҧшуа ахаҿсахьа гәылҭәааны ахәмаршьа данақәшәо - уи ахәаҧшҩы дыхнахуеит. Ус аҟаҵара зылшо дыруаӡәкуп мшаҧымза ҩажәи хәба рзы зиубилеи азгәазҭо, Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Тома Аҩӡыҧҳа. Лхы-лыҧсы зыҿҳәароу аҧсуа театр асценаҿы дыҟоуп абар ҩынҩажәи жәаба шықәса. Тома Аҩӡыҧҳа лбаҩхатәра маӡас иаҵоу Наала Чхьынџьериаҧҳа ланҵамҭаҿы.