Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы игаз аиааира 80 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Урыстәыла ахада игрант аҳәаақәа ирҭагӡаны ақыҭақәа рҿы Аџьынџьтәылатә еибшьра ду аан иҭахаз аҵеицәа ргәаларшәаразы игылоу абаҟақәа рхаҿра арҧшӡареи ррыцқьареи рзы аусурақәа хацыркуп. Убас, Гәылрыҧшь араион Маҷара ақыҭаҿы мышқәак раҧхьа аусурақәа нап дыркын. Урҭ рымҩаҧысшьа ҳкорреспондентцәа ранҵамҭаҿы.