Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра 
Абхазская Государственная Телерадиокомпания

Abhazya Devlet Televizyon ve Radyo Kurumu 
Executive Board of Abkhazian State Television and Radio Broadcasting Company.

Aхәаша, 14 Хәажәкыр 2025 10:01

Имҩаҧысит Жәлар Реизара адепутатцәа реилатәара

Адепутатцәа ахәаҧшразы ирыдгалан жәа-зҵаарак. Урҭ рахьтә иҟалеит амш аусхәаҧштә аҟынтәи иқәгатәхазгьы. Адепутатцәа зегь реиҳа игәцаракны изхәаҧшыз зҵаароуп ҳазну ашықәсазтәи Аҧсны аҳәынҭқарратә биуџьет. Уи рыдыркылеит аҩбатәи аҵыхәтәантәи аҧхьараҿы. Иааизакны ҩ-нызқьи ҩажәи хәба шықәсазы аҳәынҭқарратә биуџьет жәаа миллиарди аашәы миллион мааҭи артәоит. Ахарџьқәа рымҽхак азгәаҭоуп жәаа миллиарди быыжьшә миллиони рҟынӡа, абиуџьеҭ азымхара жәшәи ҧшьынҩажәи жәиҧшь миллион мааҭ ыҟоуп.

 

Media