Алхратә комиссиа жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы имҩаҧысит Аҧсны ахадас иалху Бадра Гәынба раҧхьатәи ипресс-конференициа. Аҭыҧантәи ажурналистцәа реиҧш аҳәаанырцәтәиқәагьы ирыман алшара Бадра Гәынбеи уи ихаҭыҧуаҩыс иалху Беслан Бигәааи азҵаарақәа рыҭара.