Очамчыра араион аҿы алхырҭатә ҭыҧ хадақәа хәба ыҟоуп. Ари араион аҿы аус зуа ҳкорреспондент Алиас Корсаиа адырра злаҟаиҵо ала, алхырҭатә ҭыҧқәа зегьы аус руеит , абжьыҭарахь иааиуа рхыҧхьаӡара рацәоуп. Аҧсны ахадарахьы акандидат Бадра Гәынба ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа ибжьы аиҭит ҩажәи жәаҩатәи алхырҭатә ҭыҧ хада ахҧатәи алхырҭатә ҭыҧ аҿы.