Сынтәа иара абыжьбатәиуп қәҿиарала ҳтәылаҿы аус ауеижьҭеи. Ахимиа, абиологиа, агеографиа, -абарҭ амаҭәарқәа рхырхарҭақәа рыла рдыррақәа еиздырҳауеит аҧсуа рҵаҩцәеи аҵаҩцәеи. Уи азы иааҧхьоуп Урыстәылантәи рколлегацәа. Асеминарқәа мҩаҧысуеит актәи абжьаратә школ аҿы ҳаамҭа иақәшәо амедициантә класс аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.