Аҧсны Ахақәиҭра ашҭаҿы аспортсменцәа ақәҿиара дуқәа рзеиҕьеишьеит Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба. Иара убас аспортсменцәа наскьаргон Аҧыза- министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аиустициа аминистр Анри Барцыц, атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа, аспорт аветеранцәа, аспортсменцәа рыуацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.Ажәабжь ҳзеиҭалҳәоит Адица Саҕариаҧҳа.