Рашәарамза 12 рзы, Шәача, Аӡынтәи атеатр аҟны иқәгылоит афортепианатә дует Пиано Дуо, Аҧсны жәлар рартист Нинель Бжьаниа , Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Гәлиза Аҩӡба. Иара убасгьы, аконцерт иалахәуп аҳәынҭқарратә акамертә оркестр. Аконцерт амҩаҧгара хықәкыс иамоуи, изызкыуи аинформациатә маҵзура Спутник аҟны ажурналистцәа ирзеиҭарҳәеит уи аиҿкааҩцәа.