Излацәажәоз азҵаарақәа рыбжеиҳарак асоциалтә усқәа рыӡбара иазкын. Убас, ирыдыркылаз ақәҵара инақәыршәаны, Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рхаҧыцқәа рыҟаҵара иазоужьхоит шәи-ҩынҩажәи жәаба нызқь мааҭ аҧара. Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба иазгәеиҭеит, есышқәса амедицинатә цхырааразы ирыдҵаалоу аинвалидцәа рхыҧхьаӡара хышә-ҩык рҟынӡа ишынаӡоу. Ажәабжь иацылҵоит Амра Зарандиаҧҳа.