Еицырдыруа аҧсуа-аурыс шәҟәыҩҩы Фазиль Искандер иҩымҭақәа адунеитә литература акыр идырбеиеит. Дара рфилософиатә хшыҩҵак адагьы, иудырбоит аҧсуаа рыбзазара акәамаҵамақәа. Фазиль Абдул-иҧа ирҿиамҭақәа ргәаладыршәеит Иван Папаскьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотекаҿы. Уи иалахәын Аҟәатәи ашколхәыҷқәа. Ажәабжь иацылҵоит Алика Ҭраҧшь-ҧҳа.