Аҵыхәтәантәи аамҭазы ишьақәгылаз амш бзиақәа алшара ҟарҵоит, ааҧынтәи амхтәы усурақәа ианаамҭоу рымҩаҧгаразы. Иахьа ҳқыҭақәа рҟны ацәаҕәара- алаҵаратә усурақәа мҩаҧысуеит. Иазгәаҭатәуп, ҵыҧх иҟаз аарҩара иахҟьаны , иҭагалаз аџьықәреи даара ишмаҷыз. Уажәы , алаҵара знапы алазкыз анхаҩцәа рзы, Аҧсны Ахада идҵа инақәыршәаны, зыбзазаратә ҭагылазаашьа уадаҩу иларҵаша аџьықәреи рырҭоит хәыда-ҧсада. Атема иацырҵоит Гәдоуҭатәи ҳкорреспондентцәа.