«Иҭабуп Аиааиразы» ҳәа лаҵарамза жәба рзы Аҟәеи Гәылрыҧшьи рыбжьара еиҿкаан маланыҟәала аныҟәара, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан иҭахаз ргәалашәара иазкны. Аусмҩаҧгатә еиҿкаан В.Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аҧша амузеи, Россотрудничествеи, Аҟәа ақалақьи, Гәылрыҧшь араиони рхадарақәеи, аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭеи, триатлон афедерациеи, аспорт клуб Аҧсни рыбзоурала. Ажәабжь иацылҵоит Улиана Рожкова.