Аҧхьахә ҭыҧ згарыда? Хәы-мз ирылагӡаны акультура аусзуҩцәа – акәашацәа еиндаҭлалоит. Иҿыцу акәашаратә проект «Еицыкәашоу» актәи аконцерт мҩаҧысит аҳәынҭқарратә филармониаҿы. Азал ҭәын. Ахәаҧшцәа ирбоз – ираҳауаз еигәырҕьон. Жәиҧшь-ҩык акәашаҩцәа, ҩыџьа-ҩыџьала рыҽшаны, актәи аҭыҧ азы еицлабуеит. Иаиааиз ҧшьышәи ҩынҩажәи жәаба нызқь мааҭ аҧара ирҭоит. Аицлабра актәи амш шымҩаҧысыз ҳкорреспондент Наала Чхьынџьериаҧҳа лыблала.