Ҩеижәи жәеиза шықәса ҵуеит аҧсуа еибашьцәа Аҟәа ақалақь ампыҵахалаҩ иҟынтә ахы ақәиҭтәразы Гәымсҭатәи афронт ала ажәылара еиҿыркааижьҭеи. Ари арыцхә инамаданы, ахәашаҽны, Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, аҧыза-аминистр Александр Анқәаб, Жәлар реизара аиҳабы Лаша Ашәба , Ашәарҭадаратә Хеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Атәыла Ахада иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа,иҭахаз аибашьцәа ранацәа, аветеранцәа ашәҭқәа шьҭарҵеит аҳҭнықалақь аҿы игылоу аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟа амҵан.