Уи иалахәын атәыла Ахада Аслан Бжьаниа, ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, ареспубликаҿы иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аҧыза-министр Александр Анқәаб , Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба . Афорум аҟны ирылацәажәеит Аҧсныи Урыстәылеи реизыҟазаашьаҿы актуалра злоу азҵаарақәа, ааигәа Шәача имҩаҧысыз жәларбжьаратәи афестиваль алҵшәақәа. Аҧсны аҽар рфорум иалахәыз Урыстәыла ахадас Владимир Путин икандидатура ишадгыло атәы рҳәеит. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.