Урыстәыла Украина имҩаҧнаго арратә аоперациа ҷыда иалахәыз, зыҧсҭазаара иалҵхьоу Башкортосҭани Аҧсныи рҵеи, аҧшыхәцәа ргәыҧ арота акомандирс иҟаз, асержант еиҵбы, Давид Сабекьиа игәалашәара аҳаҭыр азы Гәылрыҧшь араион Агәыӡера аҳабла аҩнқәа руак аҿы иаартуп агәаларшәагатә ҕәы.