Хәажәкыра ҧшьба рзы Аҧсны ахада Аслан Бжьаниа, Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Ареспубликаҿы иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аахыҵ- Уаҧстәыла аҩбатәи Ахада Едуард Кокоиты,Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Костантин Затулин, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа ашәҭқәа шьҭаҵеит – Аҧсны актәи Ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу Ешыратәи амемориалтә комплекс аҟны. Ажәабжь иацылҵоит Шьазина Ханагәуаҧҳа.