Хәажәкыра аказы 76 шықәса ихыҵраны дыҟан Мрагыларатәи афронт актәи аполк аҩбатәи абаталион акомандаҟаҵаҩ Нодар Владимир иҧа Чагәаа. Аибашьҩы гәымшәа имшира аҽны, иара дзылгаз Кәтолтәи абжьаратә школ аклассқәа руак ихьыӡ ахҵан. Афырхаҵа дыргәаладыршәеит аибашьра аветеранцәа, ақыҭауаа, ашколхәыҷқәа.