Хәажәкыра аказы Очамчыра ақалақь имҩаҧысит еицырдыруа аҳәынҭқарратә усзуҩы , Аҧсны аҩбатәи Ахада , Аҧсны Афырхаҵа , Ахьӡ-Аҧша аорден актәи аҩаӡара занашьоу Сергеи Уасил –иҧа Багаҧшь диижьҭеи хынҩажәи жәохә шықәса аҵра иазкны агәаларшәаратә усмҩаҧгатәқәа . Урҭ ихы рылаирхәит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа . Арахь имҩахыҵит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба , Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба , Аҧыза-министр Александр Анқәаб , Ахада иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа , аиҳабыра , адепутатцәа , ауаажәларра рхаҭарнакцәа.