Акцизқәеи , аҩы злаҟарҵо аалыҵқәеи рганахь ала азакуан аҧсахрақәа алагалоуп .Ишьақәырҕәҕәоуп агәабзиарахьчара сынтәатәи хықәкылатәи аусбарҭабжьаратә программа. Ареспублика Аҳәынҭқарратә медицинатә усбарҭақәа рзы ахәшәқәеи амедицинатә мыругақәеи раахәара иазоужьуп шәи-ҧшьынҩажәи жәаба миллион мааҭ. Аибашьра аинвалидцәа ргәабзиара ашьақәыргыларазы - х-миллионки хәышә нызқь мааҭ. Ҳазну ашықәс азы ихымҧадатәу амедицинатә ҧгаҧса афонд аҟнытә акьыба чымазара змоу ахимиатерапиа рзыҟаҵара иазоужьхоит ҩынҩажәи жәаф миллиони быжьшә нызқьмааҭ аҧара. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.