Гәдоуҭа араион Аӡиа Риҵа имҩаҧысит Аҧсны амчратә усбарҭақәа русзуцәа злахәыз атактикатә ҽазыҟаҵарақәа, атерроризм аҧырҟәҟәаареи аиқәырхареи хықәкыс измаз. Ари аус наҧшыҩцәак раҳасабала иалахәын Урыстәылеи Аахыҵ-Уаҧстәылеи рхаҭарнакцәа. Ажәабжь иациҵоит Даур Инаҧшьба.